Анцәеи ауааи (исполнитель: Ашьхардац)
Анцәеи ауааи Иҟоуп ҩажәак, ҩажәа нагак, Урҭ еицуп – Анцәеи ауааи. Дҟалаӡаргьы хагак, ҧагьак – Ицахьада урҭ ириааи! Бзиа ҳуама, цәгьара ҳуама – Абриакаҿ зегь ҳаиҧшуп: Анцәа иҿаҧхьа зегь ҳаргамоуп, Ауаа рҿаҧхьагь – зегь ҳаартуп. Иагьаҩы сеицаркырц иашьҭаз, Иагьарыла рҽеибарк иааи... Аха исымоуп урҭ ирхашҭыз – Са сырбоит Анцәеи ауааи. Рыхьӡ мҳәакәа, рылҧха мҳәакәа, Ҵәыца сҩахом, ӡы сахәом. Убри ауп сымшәа-смырҳакәа Сиаша зназгогь – маӡа сҳәом. Иагьаҩы сеицаркырц иашьҭаз, Иагьарыла рҽеибарк иааи... Аха исымоуп урҭ ирхашҭыз – Са сырбоит Анцәеи ауааи.