Бзиа избо сылбаӡом (исполнитель: Валери Багаҭелиа)
Бзиа избо сылбаӡом Дықәуп лымҩа лхала, Сара сҭынчны сызтәаӡом, Агәаҭеира схалан, Са сыгәҭыха уи илбаӡом, Сбылуеит, сгәаҵа иҭалан. Сыргәаҭеиуа, сызтәаӡом, Иабалдыруеи лхала? Амца анҭала, сгәы мцаха, Сҟанаҵеит сеицралан. Данысҧыла уи жәаха, Аҽа хәыцрак далан. Аҽа хәыцрак далан. Уа санылба, слымбаӡеит, Наҟ дынсывсеит ҧшьала . Сара ажәакгьы сымҳәаӡеит, Саргьы ахәыцра салан. Саргьы сыла иабаӡом, Сааигәа иааины игылоу. Урҭ исарҳәо саҳаӡом, Ражәа сыдыскылом. Бзиа избо сылбаӡом, Cа сызхьымӡо сашьҭоуп. Аха исазҳәогь дызбаӡом, Снызкылаз санашьҭуа.